Аԥсны

Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы Аилак алахәылацәа онлаин аформат ала еиԥылараны иҟоуп

Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы Аилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥган Дамаск, лаҵара 18 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18- Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усеицуразы Реилак алахәылацәа онлаин аформат ала еиԥылараны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит аекономика аминистрра асаит.
Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы Аилак аԥснытәи аган алахәылацәа шьақәырӷәӷәоуп
Ԥхынҷкәын 17 рзы аусбарҭаҟны Аилак аԥснытәи аган алахәылацәа аҽазыҟаҵаратә еилатәара мҩаԥыргеит.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аекономика аминистрра, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, атуризм азы аминистрра, акультура аминистрра, ақыҭанхамҩа аминистрра, афинансқәа рминистрра, Аԥсны Аҳазалхратә еилакы, аҳәынҭқарратә еилакы "Аԥсны амшынтә ӷбарныҟәара", Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет рхаҭарнакцәа.
Аиԥылара арыцхә шьақәырӷәӷәахоит иааиуа амчыбжь азы.
Аԥсни Шьамтәылеи аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, аҭҵаарадырратәи, атехникатәи, акультуратәи усеицуразы Реилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥган Дамаск, лаҵара 18 2021 шықәсазы.