АҞӘА, ԥхынҷкәын 18- Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АҶА аусбарҭа ԥхынҷкәын 18 рзы Шәача, Магри-Веселое иахьаҵанакуа аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵоит.
"СЦГМС ЧАМ" адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 18, асааҭ 9-11 ирыбжьаркуа аамҭеи амш аанҵәаанӡеи Шәача, Магри-Веселое иаԥну Амшын еиқәа иахьаҵанакуа аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит", - ҳәа аҳәоит КАУАА адырраҭараҿы.
Ақалақь ахадараҟны ирҳәеит ақәоура иахҟьаны акоммуналтә усбарҭақәа зегьы русура шарӷәӷәоу.