Аԥсны

Урыстәылатәи арратә госпиталь Аԥснынтәи Ставропольҟа ихынҳәит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, аусура хнаркәшеит ԥхынҷкәын 16 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18– Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь есымшатәи агыларҭахь Ставропольтәи атәылаҿацә, Буденновск ақалақь ахь ихынҳәит, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь Урыстәылаҟа ихынҳәит хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәылатәи амедусзуҩцәа арратә техника аилазаара иаланы, 800 километра амҩа иахысны рҭыԥахь инеит.
Аԥсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь ԥшьымзтәи аусура ашьҭахь Аԥснынтәи ицеит
Арратә ҳақьымцәа Аԥсны иҟан ԥшьымз.
Есымшатәи ргыларҭа ҭыԥ аҟны амедусзуҩцәа Аладатәи арратә округ аоркестр рԥылеит, аҳақьымцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаршьеит.
Амобилтә госпиталь Аԥсны аҟазаара иалагӡаны иаднакылеит ҩ-нызқь рҟынӡа ауааԥсыра, ирхәшәтәит 649-ҩык.