Аԥсны

Аҟәатәи аколлеџь арҽеирақәа рышьҭахь иаатит акласс ҿыцқәеи алабораториеи

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит жәабранмза 2019 шықәсазы. Иара мҩаԥысуан абжьаратә-азанааҭдыррақәа реиӷьтәразы ЕАРи ЕАи еицырзеиԥшу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит аелектротехникатә лабораториа, автолабораториа, компиутертә класс, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аколлеџь адиректор Светлана Габлиа.
Лара лажәақәа рыла, аколлеџь актәи аихагыла зегь еиҭашьақәыргылоуп, иҟоуп аудиториақәа фба, абызшәатә класс ҿыцқәа. Аклассқәа зегьы иақәнагоу атехникеи амыругақәеи рыла еиқәыршәоуп.
"Аҭыӡқәа, адашьма, аҭуан зегьы еиҭарҿыцуп, адашьма акәзар ирԥхоуп, актәии аҩбатәии аихагылақәа рыҟны аԥенџьырқәа ԥсахуп аихацла иҭакуп. Ахыб абжа ԥсахуп, иара убас амардуан, амаакырҭа", - ҳәа лҳәеит Габлиа.
Аколлеџь адиректор илҳәеит, аԥхын 2022 шықәсазы ишазгәаҭоу иаанхаз аиҭшьақәыргылартә усурақәа рыцҵара.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриатә коллеџь аҟны аҵара рҵоит 326-ҩык астудентцәа. Иахьатәи аамҭазы аҵараиурҭаҿы 7 занааҭк рыла астудентцәа разыҟаҵара мҩаԥысуеит: атранспорттә машьынақәа ртехникатә маҵзура, асасааирҭатә сервис, абанк аус, аҩнқәеи ахыбрақәеи рыргылара, арадиоеимадареи арадиодырраҭареи ртехника аус адулашьа, ателехәаԥшратә техника аус адулашьа, ауаажәларратә хыбрақәеи анаплакқәеи фымцалашарала реиқәыршәара.