АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АҶА аусбарҭа ԥхынҷкәын 20 азы Шәача ашьхарахь асы ӷәӷәа леиуеит ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Краснодартәи аҳауагәаҭаратә маҵзура адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 20-21 рзы Шәача ашьхарахь асы ӷәӷәаны илеиуеит ҳәа азгәаҭоуп.
Уаанӡа, Шәача ирыларҳәахьан ԥхынҷкәын 20-21 рзы ақәаршыҩ ӷәӷәа адыд мацәыс ацны иҟалоит, амшын аҟны аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит ҳәа. Ақалақь ахадараҟны ирҳәеит ақәоура иахҟьаны акоммуналтә усбарҭақәа зегьы русура шырӷәӷәоу.