Аԥсны

Аԥсны аԥсаҵлақәа рыхшьаара ахылаԥшра арҭоит

Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыҭира иалагеит. Sputnik аинтервиу азҭаз аексперт еиҭалҳәеит закәаншьаҭада аԥсақәа хызшьаауа ахылаԥшра шрырҭо.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. 2021 шықәсазы Аԥсны амзеи аԥсаҵлеи рыԥҟара акыр еиҵахеит ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны абнатә нхамҩа Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟәша аиҳабы Лаура Ҭарба.
Есышықәса Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылоит ашықәс ҿыцазтәи ауснагӡатәқәа рзы амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыԥҟара алмыршаразы. Сынтәа макьаназы ари аҩыза ақәҵара ыҟам, аха иазыԥшуп ҳәа рҳәеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы.
Ҭарба лажәақәа рыла аофициалтә шәҟәы шыҟамгьы, абнахьчаҩцәа рыҷаԥшьаратә бригадақәа ахылаԥшра руеит.
"Арҭ аҵлақәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит. Акыршықәса ашықәс ҿыц азы аԥсақәа ԥаҳҟон, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ирзаҳшон. Аха уажәы уи аҩыза алшара ыҟам. Ԥасеиԥш ҳцалар ҳабнақәа шәарҭахоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Аиҳарак азакәанеилагаҩцәа иԥырҟо кавказтәи амзаҵлоуп. Уи анҷҳа ауп ҳәа ирҭиуеит ҳәа лҳәеит Ҭарба.
"Аиҳарак ареспубликаҿ ирҭиуа аԥсаҵлақәа урыстәылатәи ааӡарҭақәа рҟынтәи иааргоит, уаантәигьы амзаҵла рзаагаӡом аԥашә адкыламкәа. Ари аҩыза аԥҟара ҟаҵоуп аҭыҩцәа аҭыԥантәи аԥсаӡуп ҳәа мамзаргьы иаагоу ауп ҳәа рымҳәарц", - ҳәа азгәалҭеит Ҭарба.
Арадио
Ҭарба аԥсаӡқәа зинда рыԥҟаразы: сынтәа имаҷхеит, ауаа аҟәрышьаз иманшәалахазар ҟалап
Аексперт ишылҳәо ала аԥсқьарцәа ихыршьаауа Мамзышьха, Аҷандара, Калдахәара ирыԥну абнарақәа роуп.
"Аҭагылазаашьа ахылаԥшра аныуадаҩхо ыҟоуп, избанзар азинеилагаҩцәа аҽа мҩак рыԥшаауеит – амҩадуқәа рахь икылымсырц азы аҽқәа рыла илбааргоит. Иҟалалоит аԥсқьарцәеи абригадақәеи аимак анрыбжьало. Ашьхарахь асы леир аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалон", - ҳәа лҳәеит лара.
Ҭарба лажәақәа рыла Аԥсны зныкгьы аӡәгьы ашьаус дадрымԥхьалацт арҭ хәызмоу аҵлақәа ԥиҟеит ҳәа. Аиҳарак иԥырҟаз рымырхуеит, ахараԥсаҵәҟьагьы ддыршәом.
Ҭарба илҳәоит азинелагарақәа змаҷхаз ауаа рыхдырра ахьеиҳахази ари "абизнес" ԥаратә хыҵхырҭаны ашьара иахьаҟәыҵызи шракәу.