Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Ашықәс ҿыц аныҳәаз абылрақәа зхылҿиаар зылшо иазкны

Иааигәахеит Ашықәс ҿыц, ахәыҷқәа уажәы-уажә апетардақәа дыртҟәацуеит. Уи иацу ашәарҭара атәы, иара убасгьы абылраҽацәыхьчара, иааизакны ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Sputnik
"Есышықәса артҟәацга ҿыцқәа цәырҵуеит. Ҳаргьы ахылаԥшра аҳҭоит урҭ аҭиҩцәа шаҟа ииашаны ирҵәахуа. Апетардақәа классла ишоуп. Актәи, аҩбатәи усҟак ашәарҭара рыҵам, аха зыкласс еиҳа еиҳау, ахәыҷқәа ацәыхьчатәуп, урҭ амашәыр рызнаур ауеит, ахархәаразы ашәҟәы ишаҳәо уазымныҟәар. Ҳара ҳаҭаауеит адәқьан. Амцакра ҟалар, амцарцәаҩцәа аиаанӡа изладырцәо рымамзар, ашәҟәы еиқәҳаршәоит, ахараԥсагьы рыдаҳҵоит. Уи 4 800 инаркны 12 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари амчыбжь азы ҳалагоит адәқьанқәа ргәаҭара, избанзар, амза 20 нахыс иаҳа ирацәаны ицәырырго иалагоит", - ҳәа еиҭеитҳәеит Кәыҵниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.