Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Саџьаҭ-иԥа ақыҭеи ақалақьтә ԥсҭазаашьеи шеидибало иазкны

Абгархықә ақыҭан инхо Борис Саџьаҭ-иԥа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, иахьатәи аамҭазы ақыҭаҿы уаанханы ахныҟәгара даара ишыуадаҩхаз, еиҭеиҳәеит ақыҭеи ақалақьи шеидибало атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.