Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Ԥхынҷкәын 20 азы Аԥсни Урыстәылеи иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара мҵзура аусзуҩ Имш.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
"Аҩызцәа афицарцәа! Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи ишәыдысныҳәаларц сҭахуп шәзанааҭтә ныҳәа Амш! Шәара ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара шәыхьчоит. Инашәыгӡо аус зегьы ирбом, ираҳауам, аха шәара есҽны имҩаԥыжәго аус шьаҭаны иазыҟоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадара", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ари азанааҭ азы ишхымԥадатәиу агәымшәара, ахаҵара.
"Ахаангьы ашәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа рҟазара ҳарак аадырԥшуан, ламысла инарыгӡон рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа. Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аветеранцәа, исҭахуп агәабзиареи аманшәалареи рзеиӷьасшьарц", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра ахада.
Бжьаниа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа рмаҵзуратә уалԥшьа анагӡаразы, ирзеиӷьеишьеит русураҿы ақәҿиарақәа.