Аԥсны

Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа хадақәа ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылараҿ иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа, ҩ-ганктәи амшхәаԥштә азҵаара хадақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟаполитикатә аусбарҭа асаит.
Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит Аԥсны асоциал-економикатәи агуманитар-культуратәи аусхкқәа рыҟны ганрацәалатәи ацхыраара амҩаԥгара ишазыхиоу.
"Аԥсны ҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит атәыла ашәарҭадареи асоциал-економикатә ҿиареи рҟны иҟашәҵо адгыларазы", - ҳәа иҳәеит аиԥыларааҿ Инал Арӡынба.
Аиԥылара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20 азы Шәача ақалақь аҿы.