АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла асыԥса иаҵахаз урыстәылатәи аруаа хәҩык рҟынтәи ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, абри атәы аҩуеит Sputnik Южной Осетии ареспублика АҶА адыррақәа шьаҭас иганы.
Иазгәаҭоуп, иҭахаз руаӡәк иԥсыбаҩ аиқәырхаҩцәа ишырыԥшааз. Ааха зауз дааӡәы ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Аҳԥатәи аруаҩ макьаназы иԥшаара иаҿуп.
Аахыҵ Уаԥстәыла АҶА адыррақәа рыла, аҩаша ахәылбыҽха Руксктәи атоннель аладатәи аҭаларҭаҿы асыԥса леиит.