"Акарантин иазыԥҵәаз амшқәа иацы инҵәеит. Мчыбжьык еиҳаны иҳаман, уаҳа иацҳамҵеит, избанзар, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит. Мышкы 20-25-ҩык инареиҳаны иҳамазҭгьы, иахьа абжа аҟынӡа ҳнеит. Ақалақь аҿы аус руеит ашколқәа, аџьармыкьа. Аԥшьбатәи абжьаратә школ аркуп зынӡа, уа 18-ҩык арҵаҩцәа рахьынтә 8-ҩык ачымазара рымоуп. Рҵаҩык зҭагылазаашьа цәгьахаз ара аҭыԥан илзыҟаҵан Актемра, уи атәыла анапхгара аҟынтә иҳаҭан, анаҩс лҭагылазаашьа еиҳагьы ицәгьахар, Гәдоуҭаҟа дышьҭхоит", - еиҭеиҳәеит Дочиа.
Тҟәарчал араион ахада иҳәеит, уажәаԥхьа ақалақь аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ ачарақәеи аиныхрақәеи ишрыхҟьаз.
"Аҵыхәтәантәи акарантин иҳамаз зыхҟьазгьы иҟаз ачарақәеи аԥсрақәеи роуп. Ауаа ҳарзеилкааӡом. Уи схы иавазбоит. Алаҵаҟаҵарагьы даара ихьанҭаны ицоит", - еиҭеиҳәеит Дочиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.