АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Урыстәыла омикрон-штамм ахҭысқәа 30 аарԥшуп, ааҿкы зыдбалоу рҭагылазаашьа бжьаратәуп, иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"30-ҩык ирыдбалоуп. Ихьанҭоу аӡәгьы дыҟам", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Уаанӡа акоронавирус SARS-CoV-2 авариант ҿыц рыдбалан 25-ҩык.
Ааигәа Ботсванеи Аладатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус штамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари авариант атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит, зиммунитет лаҟәу, иаҳҳәап ВИЧ зыхьуа рҿоуп ахы ахьакыз ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Уи иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ "омикрон". Ари аштамм рыхьыр ауеит уаанӡа изхыхгахьазгьы алаҵа ҟазҵахьазгьы.
Уажәазы аԥыжәара амоуп ҵыԥх Индиа ицәырҵыз дельта-штамм B.1.617.2, аха аҵарауаа уи ацынхәрас "омикрон" ааиуеит ҳәа иршьоит. Аҵыхәтәантәи адыррала 70 тәыла рҿы ашьҭа рбахьеит.