АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла "омикрон" ласны ирылаҵәоит, алаҵа ҟазҵазгьы ачымазара зхызгазгьы ирыхьуеит абри атәы иҳәеит Женева имҩаԥысуаз абрифинг аҿы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахьазы ишьақәырӷәӷәоуп "омикрон" "дельта" аасҭа еиҳа ишыццаку, алаҵа ҟазҵахьоугьы ичмазаҩхахьазгьы ирыхьуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла COVID-19 аҟынтә 2021 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит 3,3 миллионҩык.
Акоронавирус омикрон-штамм абҵарамзазы иаарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи. Урыстәыла 25 "омикрон" хҭыс азгәаҭоуп, Қырҭтәыла – 2.