АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла асыԥса иаҵхны еиқәдырхаз ҩыџьа аруаа рыԥсҭазаара шәарҭам ҳәа аанацҳауиет Sputnik Южная Осетия ареспублика ахәышәтәырҭа хада атравматологиатә ҟәша аиҳабы Николаи Хубаев иажәақәа шьаҭас иганы.
Уаанӡа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан асыԥса хәҩык аррамаҵзурауаа аҵахеит ҳәа. Аиқәырхаҩцәа ԥшьҩык аҵыргеит, урҭ рҟынтәи ҩыџьа еиқәдырхеит, ҩыџьа ҭахеит, аҽаӡәы иԥшаара иаҿуп.
"Зыԥсы еиқәхаз рҭагылазаашьа шәарҭам. Аӡәы 19 шықәса ихыҵуеит, егьи – 29. Аҵаакратә клиникатә рбага ҳәа егь рыдбалам", - иҳәеит Хубаев.
Иара иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа иҭоу ахаша, ԥхынҷкәын 22 рзы илырҩаар ауеит, нас рнапынҵақәа ирзыхынҳәуеит.