"Ашҳам змоу, ишәарҭоу: Аԥсны афауна" ҳәа хьӡыс измоу Sputnik адаҟьаҿы икьыԥхьу аматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит иарбан ԥстәқәоу, ԥсыӡқәоу ауаҩы изы ашәарҭара зцу, урҭ уԥылар ахьалшо аҭыԥқәа, изеиԥшроу, насгьы иныҟәыргар зылшо ачымазарақәа ртәы.
"Иааидкыланы Аԥсны иҟоу афауна ауаҩы изы ашәарҭара ацӡам, егьырҭ атәылақәа, Австралиа, Африка, Латынтәи Америка рҿы аҟоу аԥсабара еиԥш. Араҟа ашәарҭара ду зцу аԥстәқәа ықәынхаӡом, урҭ иҟазаргьы, ихароуп, ашьхатә ҭыԥқәа рҿоуп", - ҳәа аихшьала ҟалҵеит Кәарцхьиаԥҳа.
Сариа иазгәалҭеит аматериал аиқәыршәараҿы ацхыраара шлиҭаз Аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар.