Лавров: Урыстәыла Украина аҵәаҵаҵарақәа ирыхәҭоу аҭак рнаҭар алшоит

Украинатәи аруаа урыстәылатәи аҳәаа ааигәара рыргылареи ари аус мраҭашәаратәи атәылақәа радгылареи Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа реилагароуп иаанаго ҳәа азиԥхьаӡоит Урыстәыла ААР аминистр.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва аимак арцыхцыхра шаҭахым, аха ишазыхиоу Украина иахәҭоу аҭак аҭара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Адипломат Владимир Путин, иарбанзаалак апровокациақәа рҭак аҟаҵаразы иахәҭаны иҟоу алшарақәа амоуп ҳәа ииҳәаз ажәақәа еиҭеиҳәеит.
Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла НАТО ашьаҿақәа рҭак шанаҭо азы
Уаанӡа Нед Праис, ЕАА Аҳәынҭдепартамент аофициалтә хаҭарнак итвит аҿы иҩит аҭагылазаашьа ашьақәҟьара зхароу Урыстәыла акәхоит, Украинеи ЕААи ракәымкәа ҳәа. Уи аҭакс Вашингтон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иазгәанаҭеит "ухы иақәхны схы иақәҵа" ҳәа аҳәара шиашам.
Украина амчрақәа 2014 шықәса мшаԥымзазы арратә операциа иалагеит ДЖәРеи ЛЖәРеи ирҿагыланы. Донбасс аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иалацәажәан Минсктәи аинырратә гәыԥ аиԥылараҿы 2014 шықәса цәыббрамзазы. Ирыдыркылеит х-документк аимак адеескалациа амҩаԥгаразы. Аха аимак аганқәа иахьа ауажәраанӡагьы аиҿахысрақәа мҩаԥыргоит.
ЕААи НАТО атәылақәеи иаартны Украина иадгылоит, Киев бџьарлеи арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва агәаанагарала, мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аҳәаа рҽадырхалоит.