Урыстәыла 300 миллион зынеидкыла алаҵа ҭрыжьхьеит

Урыстәылатәи аилахәырақәа иахьазы алаҵақәа ԥшь-хкык ҭрыжьуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Урыстәыла 300 миллион комплект алаҵа ҭрыжьит 2021 шықәсазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости УА Ахәаахәҭра аминистр Денис Мантуров иажәақәа шьаҭас иганы.
Иара иҳәеит урыстәыла алаҵазы рҭахрақәа зегь нагӡахоит ҳәа.
COVID-19 иаҿагылоу ахыцтә иммунитет азы алаҵа актәи афаза иахысит
Мантуров иажәақәа рыла, урыстәылатәи анаплакқәа атехнологиатә цәаҳәақәа рыԥсахит 20 инарзынаԥшуа антиковидтә хәышәқәа рҭыжьрази алаҵақәа ԥшьба рҭыжьрази.
Аԥсны раԥхьатәи алаҵаҟаҵаратә кампаниа хацыркын 2021 шықәса лаҵарамзазы. Аԥсныҟа иааган 6500 доза "Спутник V". Нанҳәамзазы иааган 5000 доза "Спутник Лайт", абҵарамзазы еиҭааган 6000 дозак "Спутник V".
Абҵара 22 азтәи адыррақәа рыла, Аԥсны 11727-ҩык алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит.