Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы Аахыҵ Уаԥстәыла аруаа рҭахаразы аусҭҵаара мҩаԥнагоит

Аахыҵ Уаԥстәыла ҩыџьа урыстәылатәи аррамаҵзурауаа ҭахеит асыԥса алеираан, ҩыџьа ахәшәтәырҭа иҭоуп, даҽаӡәы иԥшаара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭакԥхықәрадара иахҟьаны аруаа рҭахара аганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит СК РФ асаит.
Аахыҵ Уаԥстәыла еиқәдырхаз ҩыџьа аруаа рыԥсҭазаара шәарҭам
Аҩашаҽны асыԥса иаҵахеит Аахыҵ Уаԥстәыла Роктәи атоннель аҿаԥхьа игылаз арратә казарма иҩназ урыстәылатәи аррамаҵзурауаа: ҩыџьа ҭахеит, ҩыџьа ахәшәтәырҭа иҭоуп, даҽаӡәы иԥшаара иаҿуп.

"Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы Цхинвал игылоу 528-тәи арратә ҟәша Аахыҵ Уаԥстәыла аҭакԥхықәрадара иахҟьаны аруаа рҭахара аганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Асыԥса иаҵгоуп ԥшьҩык. Афицари аруаҩи ареанимациатә уснагӡатәқәа шырзымҩаԥыргозгьы, рыԥсҭазаара иалҵит. Даҽа ҩыџьа аахақәа рыманы, иҵааны ахәшәтәырҭа иҭоуп. Ргәабзиара ашәарҭара иҭагылам ҳәа ишьоуп.
Ахәбатәи аррамаҵзурауаҩ иԥшаара шцац ицоит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.