Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аексперт акоронавирус ԥхьаҟа аҿиашьа далацәажәеит

Адунеи макьана апандемиа шахыҵәоугьы уи ишаиааиша адыруеит ҳәа азырыԥхьаӡоит ААЕ аҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аепидемиатә ҟазшьа шьҭнахуеит, аха аамҭа рацәак иазгом ҳәа лҳәеит абрифинг аҿы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара атехникатә гәыԥ аҟәша аиҳабы Мариа Ван Керкхове, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Аҭыԥантәи ачымазара иаанагом ишәарҭам ҳәа. Уи алаҵәара лаҟәуп, ихьчам ауааԥсыра рыбжьара. Сгәы иаанагоит абри амҩа ҳақәзар ҟалап ҳәа. Аха макьана апандемиа агәаҿы ҳгылоуп, аҭыԥантәи ачымазарахь ҳзиасуам. Ари аамҭа акраҭахуп", - ҳәа лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла, авирус аҽеиҭанаклоит, аҭагылазаашьа аҽанрааланы иҿиалоит ҳәа, аамҭак азы асезонтә чмазара аҟазшьа шьҭнахуеит ҳәа агәаанагара амоуп Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара.