Аԥсны

Аԥсныҟа закәаншьаҭада аџьаԥҳаны алагалара аԥырҟәҟәаауп

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿ закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рахыгара ахҭысқәа ашәҟәы иҭаргалалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсныҟа закәаншьаҭада аџьаԥҳаны алагалара аԥдырҟәҟәааит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа зхы хаз автомашьына асалон аҿы аҳәаахьчаҩцәа ирбеит зхҭалашәара 12/76 иҟоу 43 ахеиқәыршәа ашәарыцага шәақь "Fabarm XLR 5 Forest" иатәу.
1 / 2

закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рахыгара аԥырҟәҟәаауп

2 / 2

закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани рахыгара аԥырҟәҟәаауп

Иаарԥшыз аџьаԥҳаны ишьақәыргылоу аԥҟарала аҳазалхратә усбарҭақәа ирзынашьҭуп апроцессуалтә ӡбара адкыларазы.
"Абџьар азы" Афедералтә закәан ахәҭаҷ 17 инақәыршәаны абџьари ахеиқәаршәақәеи Урыстәыла аҵакырахь алагалареи алгареи рзин ыҟоуп Росгвардиа ар Рфедералтә маҵзура азин ала.
Аԥсныҟа закәаншьаҭада аџьаԥҳаны алагалара аԥырҟәҟәаауп