Аԥсны

Аҳәынҭавтоинспекциа ааԥхьара ҟарҵоит аныҟәарақәа ԥкызарц

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа амш аицәахара инадҳәаланы иҷыдоу аусурахь ииагоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. Аҳәынҭавтоинспекциа амашьынақәа рыԥсҟы зку рахь ааԥхьара ҟарҵоит аныҟәарақәа ԥкызарц, ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо ААИ аиҳабы Баҭал Агрба.

"Ареспубликатә мҩаду хада ықәҵааит, иҟоуп асы ахьышьҭоу аҭыԥқәагьы. Ҳатранспорттә хархәагақәа аӡынра иазырхиаӡам. Ашәарҭадаратә ныҟәаразы аӡынтә хархәагақәа ахәҭоуп", - иҳәеит иара.

Агрба иажәақәа рыла ишәарҭоуп Аҩада Ешера, Мысра, Блабырхәуа, Оҭҳара, Цандрыԥшь иахьрыҵаркуа амҩақәа рыҟны.
"Амҩатә маҵзурақәа аусурақәа шахәҭоу имҩаԥыргоит, аха асықәгага атехника ԥхасҭахеит. Аҩада Ешыра уи аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Ахәылбаҽха аҵаара иалагоит", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ахьҭаҟалара иахырҟьаны ҷыдалатәи аусура иалагеит
Иара убас иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа амш аицәахара инадҳәаланы иҷыдоу аусурахь ишиагоу. Рхатәы мчқәа рыла ареспубликатә мҩаду аԥслымӡ шықәрԥсо.
Баҭал Агрба иҳәеит уажәы амҩаду аҿы аныҟәарақәа шыԥкым. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Риҵа" аҟны ААИ аусзуҩцәа гылоуп Риҵатәи апарк ахь аԥхынтә резина зҵоу амашьынақәа аурышьҭуам ҳәа.