Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акурорттә шәарақәа рыхә иацырҵеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Ҟәбина акурорттә шәарақәа рыхә шьҭырхит, Шәача азы хәынтә, егьырҭ аҵакырақәа рзы хынтә, абри атәы аанацҳауеит арегион азакәанԥҵаратә еизара.
Уаанӡа ари азыԥҵәа жәамааҭк иҟан.

Акурортқәеи атуризми рминистр Мариа Золотухина илҳәеит азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Шәача акурорттә еизгара 50 мааҭ рҟынӡа егьырҭ аҵакырақәа рзы 30 мааҭ ҳәа.

Лара лажәақәа рыла, ари абиуџьет алагалақәа рышьҭыхра иазырхоуп. Аԥарақәа акурорттә хыбрақәа рҿы аргылара, аиҭашьақәыргылара, аныҟәгара иазырхахоит.
Ҟәбантәи асасааирҭақәа рҿы ԥхынҷкәын 30 инаркны аԥкрақәа рӷәӷәахоит
Атуристцәа акурортә шәарақәа рылхразы ԥышәара ҳасабла аизгара азыӡбан 2017 шықәса аԥхынразы. Ставрополи Алтаи акурорттә қалақьқәа рҿы ихацыркын 2018 шықәса лаҵара 1 азы, 2018 шықәса ԥхынгәы 16 рзы Краснодартәи атәылаҿацә ақалақьқәа: Анапа, Геленџьик, Шәача, Гориачи Клиуч, Тҟәаԥс араион аиланхарҭақәа ԥшьба рҿы. Ииасыз аԥхынразы арахь иацҵан афедералтә ҵакыра "Сириус".