Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҟаитан Мамзышьха аԥсаӡқәа рыԥҟаразы аҭагылазаашьа шыҟоу атәы

Гагра араион Мамзышьха абнахьчаҩ Ахрик Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсаӡқәа изакәанымкәа рыԥҟара аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа аԥсеи аԥсаӡи рыхҵәара азин аанкылоуп, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи адац змам аԥса аагара ҟалом. Аԥсны аиҳабыра реилазаара ақәҵара анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны Абнанхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы Аҳәынҭеилакы, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
"Ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха амилициа аусзуҩцәа аарышьҭуеит ԥхынҷкәын акы инаркны, ҳаивагыланы аус ҳуеит, излаҳалшо ала аԥсаӡқәа рыхьчаразы. Егьыс иҟоуп ишԥаҟам (абнатә ԥсқьарцәа рзы-азгәаҭа), илбааргоит. Абнаҿы ухаланы зегьы рыцклаԥшра ахарџь рацәа аҭаххоит. Ҳара излаҳалшо ала уахь ҳхаланы игәаҳҭоит. Аԥсшьаразы уахь (Мамзышьхаҟа-азгәаҭа ) ицақәо рацәаҩуп, аха амц зҳәогьы ыҟоуп. Ааигәа ԥсшьара ҳәа ҳәаны ихалаз, аԥсаӡқәа лбааргеит. Амилициа аусзуҩцәа урҭ аҟәшаҟны инаганы, актқәа ҟарҵоит. Ирымырхуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь иршарц ирҳәеит аекологцәа, урҭ ааигәа иҟан, ҳаицәажәон", - иҳәеит Ҟаитан.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.