Арадио

Аҩӡба ҳаамҭазтәи аԥсуа ҭоурых азы: иуадаҩуп узхаану, узлагылоу аобективла ахәшьара аҭара

Иахьатәи аҭоурых, ҳаамҭазтәи ахҭысқәа уаҵәтәи абиԥарақәа ирзынзыжьуада, аҭоурых ҿыц аҩраҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Sputnik
Изыҩуада иахьатәи ҳҭоурых, ҳаамҭазтәи ахҭысқәа уаҵәтәи абиԥарақәа ирзынзыжьуада? Иарбан фактқәоу уаҟа ианыло, насгьы урҭ ранализ ҳаамҭазы изыҟаҵахома аҭыԥ змаз ахҭыс ҭоурыхтәхарц азы? Абарҭқәа дырзааҭгылеит ицәажәараҟны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
" … ицәгьоуп уара узхаану, узлагылоу аобективла ахәшьара аҭара, аха ус иагьа иҟазаргьы анаука иамоуп иара аметодика. Еиуеиԥшым агәаанагарақәа, ахыҵхырҭақәа рҟны иаарԥшу ахҭысқәа роума, агәаанагарақәа роума еиҿырԥшны иахьынӡауа аобективла аарԥшра. Уи анысҳәогьы иаҳдыруазароуп асубиектив знымԥшуа усумҭа ыҟаӡам аҭоурых аҟынгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио.