АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә ашьхарахь ԥхынҷкәын 27 рҟынӡа асыԥса леир алшоит, ҳәа рыланаҳәоит атәылаҿацә АҶА апресс-маҵзура.
"2021 шықәса ԥхынҷкәын 24 асааҭ 18:00 инаркны ԥхынҷкәын 27 асааҭ 18:00 аҟынӡа Краснодар 2500 метра амшын ахьынтә аҳаракырақәа рҿы асыԥса леир алшоит", - аҳәоит арелиз.
Атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рахь аҳәара ҟаҵоуп асоуреи амшцәгьақәеи раан ашьхарахь имцаларц.
Уаанӡагьы аҳауагәаҭаҩцәа иазԥхьагәарҭахьан Гәыбаадәы иахьаҵанакуа асыԥса алеира, акаршәраҿы ақәабаасабаа алеира.