Аԥсны

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иблыз афымцатә станциа маҷ аиҭашьақәыргылара сааҭқәак иадхалоит

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы ԥхынҷкәын 24 ахәылбыҽха амца акит афымцастанциа маҷ иатәу акабельтә нхамҩа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Х-сааҭк раҟара аҭаххоит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иблыз афымцатә станциа маҷ аусура аларгаоазы иҳәеит Аҟәа афымцацәаҳәақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
"Ҳара абригада еиҿаҳкааит, уи иахәҭоу аматериалқәа рыла еиқәҳаршәеит, аусура иалагеит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.
Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭенгьиз Гырџьынба адырра ҟаиҵахьан Аԥсны АҶА-еи Аҟәатәи афымцацәаҳәақәа русбарҭа аусзуҩцәеи амца зкыз астанциа маҷ шдырцәаз.
Уи афымцеихшарҭаҟынтә алашара зауаз аҳҭнықалақь анхацәа лашарада иаанханы иҟоуп.