Ԥхынҷкәын 25, 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла ахада Михаил Горбачиов аҳәамҭа ҟаиҵеит иҭыԥ шаанижьуа азы. Уи аамҭазы Аԥсны ареспубликатә еилакы апартиатә еиҿкааҩыс аус зуаз Алықьса Чагәаа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит усҟантәи ахҭысқәа, Аԥсны ари ажәабжь шрыдыркылаз, Асовет Еидгыла даҽа форматк ала аиҭашьақәыргылара залшома ҳәа азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.