Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷкотуеи Габуниеи Аԥсны алхрақәа еилаԥсоу рсистемахь аиасра иазкны

Ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи ааԥхьара адепутат Октаи Ҷкотуеи азиндырҩы Гьаргь Габуниеи арадио Sputnik аефир аҟны алхарақәа еилаԥсоу рсистемахь аиасра азҵаара иалацәажәеит.
Sputnik
Аԥсны ахада ԥхынҷкәынмзазы иҭижьыз аусԥҟала Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12, 2022 шықәсазы.
Аҟәа имҩаԥгаз аоппозициатә мчрақәа рҿагыларатә акциаҟны ирыдыркылаз арезолиуциаҿы дҵаны иқәдыргылеит Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара аҿҳәара даҽа шықәсык иацҵазарц; Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара партиала ахаҭарнакцәа ралалара алзыршо алхрақәа еилаԥсоу рсистемахь аиасра азԥхьагәазҭо аԥсахрақәа Аконституциа иалагалазарц.
Арадио Sputnik аефир аҟны ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи ааԥхьара адепутат Октаи Ҷкотуеи азиндырҩы Гьаргь Габуниеи ргәаанагара рҳәеит алхрақәа еилаԥсоу рсистемахь аиасра иаамҭоума, хаҳара аланы ирбома, ус еиԥш шықәсык иалагӡаны аиасра залшахома уҳәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.