2001 шықәса раахыс Ешыра, асахьаҭыхҩы Верешьагин иҩны азааигәара, аԥсуа археологцәа есышықәса имҩаԥыргоит ажра. Уа заатәи аџьаз аамҭа инаркны антикатәи аамҭа аҟынӡа, зқьышықәса ауаа ахьынхоз аҭыԥ ауп азы, еиуеиԥшым аҿыгҳарақәа ыҟоуп, ажрақәагьы рымҩаԥгара ус имариам ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа аинтервиу аҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.