Аԥсны

Баҭал Ҷежьиа Краснодар дызлахәхараны иҟаз аиқәԥара жәабранмзахь иахыргеит

Баҭал Ҷежьиеи урыстәылатәи абоксиор Аиуб Бузуркаеви 79 килограмм зкапануа ркатегориаҟны ареитингтә еиқәԥара мҩаԥыргараны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Аԥсуа спортсмен Баҭал Ҷежьиа Краснодар дызлахәхараны иҟаз ареитингтә еиқәԥара жәабранмзахь иахыргеит акоронавирустә епидемиа иахҟьаны, абри атәы ааицҳауеит Аԥсны Апрофессионалтә бокс афедерациа ахада Алик Карди-оӷлы Facebook аҿы ихатә даҟьаҟны.
Аиндаҭлара ахьымҩаԥысуеи ианымҩаԥысуеи ирызку инарҭбаау адырра афедерациа аиҳабы ԥыҭрак ашьҭахь иҟаиҵоит.
Аԥсны
Баҭал Ҷежьиа иаҵахара ашьҭахь раԥхьатәи ақәгылара Краснодар имҩаԥигоит
Аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиа иахьазы иқәгыларақәа 12 рҟынтәи жәынтә иааирала ихиркәшахьеит, знык даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарала ихыркәшахеит. Ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп.