Ацҳа 2018 шықәса рзы иҟаз амшцәгьаан аӡы иагеит. Ҿыц иргылахаз 9 метрак аура иҟоуп. Наҟ-ааҟ иҭарҭәоу аҭӡы 70 метра иреиҳауп.
"Иахьазы абжеиҳан аусқәа ҟаҵоуп. Иаанхаз амчыбжь азы ауаа ахархәарахь ирыҭахоит. Аханатә аргыларатә усурақәа ирылаган сынтәатәи аԥхынраз. Апроект еиқәыршәан, асметагьы шьақәыргылан, аха ари ашықәсан иҟаз амшцәгьақәа уа аҭагылазаашьа дыруадаҩит. Апроект узынамыгӡо аҟынӡа инеит, аҭыԥ убысҟак аҽеиҭанакит, апроект ҿыц ишьақәыргылатәхеит. Уи асмета 5 миллионки 300 нызқь мааҭ артәоит, иара аусурақәа рхаҭа 4 миллионки 900 нызқь мааҭ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.