Урыстәыла иазгәарҭеит иалагаламкәа аҭыԥан ицәырҵыз акоронавирус омикрон-штамм

Адунеижәларбжьаратәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, COVID-19 адунеи аҿы изыхьхьоу 276 миллион иреиҳахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 5,3 миллионҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко рыӡбахә иҳәеит акоронавирус омикрон-вариант зыхьыз атәылауаа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара ҳахылаԥшуеит анҭыҵынтәи иаанаго аомикрон хҭысқәа, убри азы аӡәы ишидаҳбалалак еиԥш, иахәҭоу ҟаҵаны, ачымазара алаҵәара алҳаршом. Аха Урыстәыла иахьаҵанакуа аҭыԥангьы омикрон хҭысқәа цәырҵхьеит", - иҳәеит иара.
Ааигәа Ботсванеи Аладатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус штамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари авариант атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит, зиммунитет лаҟәу, иаҳҳәап ВИЧ зыхьуа рҿоуп ахы ахьакыз ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа.
Омикрон-штамм адунеи алаҵәашьа шәарҭоуп ҳәа ишьоуп
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Уи иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ "омикрон". Ари аштамм рыхьыр ауеит уаанӡа изхыхгахьазгьы алаҵа ҟазҵахьазгьы.
Уажәазы аԥыжәара амоуп ҵыԥх Индиа ицәырҵыз дельта-штамм B.1.617.2, аха аҵарауаа уи ацынхәрас "омикрон" ааиуеит ҳәа иршьоит. Аҵыхәтәантәи адыррала 70 тәыла рҿы ашьҭа рбахьеит.