Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа апиротехника ахьырҭиуа адәқьанқәа гәарҭеит

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа апиротехника ахьырҭиуа адәқьанқәа гәарҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аҟәа аԥшаара-аиқәырхаратә гәыԥ аусзуҩцәа апиротехника ахьырҭиуа адәқьанқәа гәарҭеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА асаит.
Агәаҭарақәа ирхысит адәқьанқәа реиԥш аџьармыкьаҿи аԥсаӡ хада ахьгылоу иҟоу адәны ихәаахәҭуагьы.
АҶА аусзуҩцәа ражәақәа рыла, аилагарақәа аарԥшын апиротехникала ихәаахәҭуа адәқьанқәа рҿы амцарцәараз адырраҟаҵагеи амцарцәаратә хархәагақәеи рымамызт. Уи адагьы апиротехника аҭира, аҵәахра, ахархәара рыԥҟарақәа зныԥшуа аинформациатә стендқәа рымамызт.
Агәаҭара алкаақәа рыла еиҿкаан административтә ԥкаанҵақәа.