Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Лагәлаа ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа изкны

Ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ашәҟәыҩҩы Владимир Басариа ибаҩхатәра инаваргыланы, уаҩык иаҳасабала дзеиԥшраз.
Sputnik
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Константин-иԥа Басариа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит.
"Владимир Басариа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа аӷьараҳәа игылаз шәҟәыҩҩын, драматургын, журналистын. Даара пату зқәыз, акыр акьыԥхьымҭақәа рҟны аус зухьаз уаҩын. Аџьабаа збахьаз зегьы рыла пату зқәыз баҩхатәран. Аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа икалам камыршәӡакәан аус иуан. Ажурнал "Алашара" дадҳәалан, уаҟа ианылахьан иажәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа… Ипрозатә ҩымҭақәа хә-томкны иҭыҵхьеит, уаҟа иагәылалеит ипрозатә жәабжьқәа, иповестқәа, ироманқәа. Апублицистика аҟәшаҿы аџьабаа рацәа ибахьан…Сара иахьагьы ихааӡа сгәы иҭоуп иара иҿцәажәара, иабжьгарақәа раԥхьатәи сышәҟәы редакторра аназиуаз", - иҳәеит Анатоли Лагәлаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Константин-иԥа Басариа Очамчыра араион Кәтол ақыҭан диит ԥхынҷкәын 5, 1934 шықәсазы. Раԥхьатәи иажәабжь ашәҟәы ианылеит 1955 шықәсазы. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа.