"Ҳара зегьы иаҳуалуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз ргәалашәара аиқәырхара. Ирымҳәалои агәалашәара еиҳау баҟа ыҟам ҳәа, уи абаҟақәа зегьы ирбаҟоуп. Иҳамоу ахыҵхырҭақәа излаҳарҳәо ала Лыхаа рҵеицәа 1400-ҩык раҟара абџьар иаҵагылан аибашьраан, урҭ рахьынтә 107-ҩык аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. 30 шықәса ҵит Лыхны аҵеицәа рҭоурых еидызкыло шәҟәыкны иҳамаӡамызт", - иҳәеит Кобахьиа.
Иара иазгәеиҭеит еидикылаз аматериал зегьы ихы ишаимырхәаз ашәҟәы аҭыжьраан.
Шәазыӡырҩы аудио.