Аԥсны

Лев Кәыҵниа урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Урыстәыла аиқәырхаҩ имш азгәарҭоит ԥхынҷкәын 27 азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа Урыстәыла АҶА ахада Александр Чуприиан Аиқәырхаҩ имш идиныҳәалеит.

"Ҳаҭыр зқәу Александр Пиотр-иԥа, Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аилазаареи, хаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аиқәырхаҩ имш", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА асаит.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит иахьа Урыстәыла аиқәырхаратә усбараҭа еиҳа хра зманы иҟоу усбарҭаны ишыҟоу. Убри аан иазгәеиҭеит асеиԥш ахьӡ-аԥша ахала ишцәырымҵуа.
"Ахьӡ-аԥша аԥызҵо есыҽны, хамегӡарыла атәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭадара иазықәԥо, зхы иамеигӡо ауаа роуп. Аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи реихьӡара шәҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа реиқәырхароуп", - иҳәеит Кәыҵниа.
Урыстәылатәи иколлегацәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа, иахьынӡалшо аҭагылазаашьа аманшәалара.
Ԥхынҷкәын 27 1990 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит аӡбамҭа "Аиқәырхаҩцәа ркорпус" аԥҵазарц. Абри инаркны иазгәарҭоит занааҭтә ныҳәак аҳасаб ала.