Аԥсны

Тхеквондо азы Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Шәачатәи афестиваль аҟны 18 аԥхьахә ҭыԥ ааныркалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа қәҿиарала иқәгылеит тхеквандо азы амаҟа ԥшшәеилаԥсақәа Ашықәс ҿыцазтәи афестиваль аҿы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари рзы Аилак.
Афестиваль мҩаԥысит ԥхынҷкәын 26 азы Шәача. Атурнир иалахәын 300-ҩык аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рҟынтәи.
Аԥсны ахьӡала иқәгылон 31-ҩык. Зынӡа ҳаспортсменцәа актәи аҭыԥқәа 18 ргеит, аҩбатәиқәа 14, ахԥатәиқәа 3.
Аԥсны
Аԥснытәи муаи-таи ақәԥаҩцәа Шәача атурнир аҿы аԥыжәаратә ҭыԥқәа ргеит
Тхеквондо азы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Саида Гәынԥҳаа, Едуард Арзуманиан, Нугзар Торчинава, Инал Ажьиба, Тимур Барцыц.