Аԥсны

2022 ашықәс ҿыц азы Аҟәа раԥхьа ииз ахәыҷы 100 нызқь мааҭ иоуеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аҳҭнықалақь аҟны, ашықәс ҿыц азын раԥхьа ииз ахәыҷы иҭаацәа 100 нызқь мааҭ роуеит ақалақь ахадара аҟынтәи.
Ари аҩыза аӡбамҭа идикылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
2021 шықәсазы 100 нызқь мааҭ рыҭан аҵеи дахьиз Ԥачлиаа рҭаацәара.