Аԥсны

250-ҩык Ашықәс ҿыц азы Аҟәа ахадараҟынтә ҷыдалатәи ацхыраара роуеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. 800 000 мааҭ азоунажьит Аҟәа ахадара ахшара рацәа змоу аҭаацәареи зхы иамыхәоуи аматериалтә цхыраара рыҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аҟәа ахада Беслан Ешба аусдҵа инапы аҵеиҩит ахшара рацәа змоуи (ԥшьҩыки инареиҳани), ихәыҷаахыс ихымхәоу, 16 шықәса еиҳами, акәырҷыжьқәа рыла иныҟәо ахымхәацәеи изныктәиу аматериалтә цхыраара рыҭаразы.
Зынӡа аматериалтә цхыраара рыҭахоит 269-ҩык. Ирызшәахоит 840 663 мааҭ.
Аԥарашәара мҩаԥгахоит аҳҭнықалақь ахадара арезервтә фонд аҟынтәи.
Уи адагьы Беслан Ешба ииаҭыму жәеизаҩык ахәыҷқәа аҳамҭақәа риҭеит, хаҭала иара иҟынтә хәба-хәба нызқьмааҭ рзишәеит.