Аԥсны

Аԥсны АҶА аделегациа усутә ныҟәарыла Донбасс иҟоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аделегациа усутә ныҟәарыла Донбасс иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
1 / 2

Аԥсны АҶА аделегациа усутә ныҟәарыла Донбасс иҟоуп

2 / 2

Аԥсны АҶА аделегациа усутә ныҟәарыла Донбасс иҟоуп

Аԥснытәи аиқәырхыҩцәа рҽаладырхәуеит Донецктәии Лугансктәии Ареспубликақәа рҟны аиқәырхаҩ Имш амҩаԥгаразы аофициалтә уснагӡатәқәа.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа агәыҳалалратә акциа мҩаԥыргоит – зылшарақәа ԥку донбасстәи ахәыҷқәа Аԥснынтәи аҳамҭақәа рырҭоит, аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны
Лев Кәыҵниа урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит