Ауаҩы игәы иҭоу зегьы рынагзар дахьымӡозаргьы, сеигәырӷьоит сгәы иҭыхақәоз ԥыҭк сахьӡаны сахьаԥыло, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы артист.
"Аԥсуа тетар - аҩбатәи сыҩноуп. Сеигәырӷьоит уа аус ахьызуа. Тҟәарчалтәи акомедиатә театргьы сџьабаа адуп, рџьбаагьы сыдуп, сазгәдууп аҩтеатрк аҿы аус ахьызуа", - ҳәа иҳәеит Сангәлиа.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, актиор изанааҭ далацәажәуа иазгәеиҭеит, ауаҩы иԥсҭазаараҿы уи ҭыԥс иаанакыло атәы.
"Атеатртә занааҭ – ари ԥсрыцқьырҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, избанзар, аиаша аӡыргара, ацәгьа аҿаԥҽра, ауаҩы дуаҩны адәы дзықәу, иԥсҭазаараҿы ихы шымҩаԥигаша ахырхарҭақәа инарбоит", - ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.