Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәын ашықәс ҿыцазтәи акциа "Ассир ҳамҭас" иазкны

Агәыҳалалра-уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз акциа "Ассир ҳамҭас" мҩаԥнагоит. Анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа асалам шәҟәқәа зҩыз ахәыҷқәа иззыҳәо ртәы.
Sputnik
Зматериалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аныҳәа аламҭалазы ргәазыҳәарақәа нҵаны Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит. Ари атрадициа иацҵоуп сынтәагьы. Ҳара ҳзы ари иреиӷьӡо акциоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, ҳәа азгәеиҭеит Аргәын арадиоефир аҿы.
"Акциа алахәалацәа рхыԥхьаӡара ҳаркьаҿит, сынтәа уи иалахәуп згәы бзиам ахәыҷқәа ахьыҟоу рҭаацәарақәа. Аԥсны зегьы аҟынтә асиа 118-ҩык ахәыҷқәа арбоуп", - иҳәеит Аргәын.
"Кьараз" анагӡаратә директор еиҭеиҳәеит аҳамҭақәа рыҟаҵара алзыршаз ауаа зусҭцәоуи, ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рҿы аиҳарак иззыҳәози ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.