Ԥхынҷкәын 27 азы Аԥсны ажурналистцәа реидгыла адипломқәа ранаршьеит аиндаҭлара "Зегь ҳаидгылан COVID-19 ҳаиааип" аҟны иаиааиз.
Ателехәаԥшра ахьаӡҳәаҿ аԥхьахәқәа ҩба ранашьан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра акорреспондентцәа Сариа Кәарцхьиаԥҳаи Гәыгәыца Ҩарданԥҳаи. Аҩбатәи аԥхьахә анашьан ателееилахәыра "Абаза-ТВ" аинформациатә программа "Ажәабжьқәа раамҭа".
Аноминациа "Аинформациатә маҵзура" аҿы актәи аԥхьахә ланашьоуп Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Аҩбатәи аԥхьахә ианашьоуп аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аусзуҩ Дамеи Касланӡиа.
Уи адагьы аҳаҭыршәҟә ҷыдақәа ранашьан ажурналистцәа Наала Мықәԥҳа ателефильм "Пациент" азы, Лиана Кәарҷелиаԥҳа ателедискуссиа "Битый час" азы.