"Сынтәа аепидимиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы Аԥсуа –абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс имҩаԥнагаз аусқәа маҷӡам. Аконгресс агәыԥ еиҳарак азҿлымҳара ааҳарԥшуан Аԥсны ақыҭақәа рҿы еиҿкаау аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыдулара. Апроектқәа зынагӡара алыршаз рацәоуп, уи аан хықәкы хадас иҳаман ҳауаажәлар ртәылауаҩратә хдырра арӷәӷәара. Ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа рацәоуп, урҭи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара ҳазҿлымҳауп, хымԥада, аха уи адагьы Аԥсны, Ҟарачы-Черкессиа егьырҭ атәылақәа рҿы аҭыԥантәи ауааи ҳареи аус еицаҳуеит рҭагылазаашьа иаҳа арманшәаларазы. Ауадаҩрақәа рырҽеиразы аҭыԥаҟны иҟоу ауаа рылшарақәеи, ргәырцҟәыли, рбаҩхатәреи еилаҳкаауеит. Зегьы ҳамчқәа еибыҭаны инаҳагӡоит апроектқәа. Усҟан ауп алҵшәақәа иаҳа ианбзиахо ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - иҳәеит Гыцба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.