Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 азтәи аметодикатә бжьгара ҿыцқәа ҭнажьит

Урыстәыла авирус аганахь ала аколлективтә иммунитет 60 процент иацуп. Апандемиа аиааиразы 80 процент еиҵамзароуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 адиагностикеи, ахәшәтәреи, азыԥхьагәаҭареи рзтәи аметодикатә бжьгара ҿыцқәа ҭнажьит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Адокумент аус адыруылеит Урыстәыла аҵакыраҿы иаку апротокол ала COVID-19 ачымазара ахәшәтәра мҩаԥызго, аҿкчымазарқәа русхкқәеи, алабораториатә диагностикеи, апульмологиеи, амедицинатә реабилитациеи рҿтәи аекспертцәа рыла ишьақәгылоу аусутә гәыԥ.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара 2022 шықәсазы апандемиа иаиааишьоу иҳәеит
Абжьгарақәа рахь иалагалоуп авирус ахк ҿыц "омикрон" азы аинформациақәеи ахәшә ҿыцқәа - "МИР 19", нирматрелвир+ритонавир рзы аинформациақәеи.
Уи адагьы аинформациа ҟаҵоуп ахәшә фавипиравир, уажәазы адаҩныҵҟатә инфузиа аҟазшьала ахархәара змоу аганахь ала адыррақәа рырҿыцразы ҳәа рҳәеит апресс-маҵзуразы.
Аинформациа ҭбаа ыҟоуп зчымазара хьанҭоу ачымазцәа ргәыԥ иаҵанакуа рзы рхы иадырхәо авирусҿагылатә моноклоналтә хәшәқәа рзы.