АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара ахықәкытә программа шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа апрограмма ахықәкытә проект далацәажәо иҳәеит ииасыз ашықәс апрограмма анагӡара иаԥырхагаз зегьы ишрызхәыцыз.
Апрограмма ҿыц инақәыршәаны: 30 миллион мааҭ азырхоуп абаҳчааӡара; 10 миллион мааҭ – арахәааӡара; 5 миллион мааҭк – аԥсыӡааӡара; 10 миллион мааҭк - аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә культурақәеи ирԥырхагоу ахәаҷақәа рықәхразы; 30 миллион мааҭ – ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусеиҭадуларазы ацех маҷқәа раартра; 5 миллион мааҭк - амашьына-технологиатә станциақәа рыхәҭақәа раахәаразы; 10 миллион мааҭк – амеханизациа маҷ ахархәагақәа раахәаразы.
Џьопуа иҳәеит 2021 шықәсазы 91 проект, 77 миллион 33 нызқь мааҭ рыхә шрыдкылаз.