Аԥсны

Алаҵа "Спутник Лайт" даҽа партиак Аԥсныҟа иааргеит

Алаҵа шьҭаҵоуп Аԥсны Агәабзиарахьчара аҵәахырҭаҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Аԥсныҟа иааргеит акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" 1500 доза ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра.
Алаҵа аанахәеит Агәабзиарахьчара аминистрра. Иара Аԥсныҟа иааганы, иахәҭоу аҳауатә ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны ашьҭаҵарҭаҿы иҵәахуп.
Ԥхынҷкәын 30 инаркны аиҭалаҵаҟаҵара зҭаху "Спутник Лайт" роур рылшоит алаҵаҟаҵарҭақәа рҿы.
Аԥсны ауааԥсыра аныҳәамшқәа ҳәа иазгәаҭоу ажьырныҳәа 4, 5, 6, 10, 11,12 рызгьы алаҵаҟаҵара рылшоит.
Ԥхынҷкәын 23 рызтәи адыррақәа рыла, Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 14 378-ҩык.
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит