Аԥсны

Апарламент 2022 шықәсазы Аԥсны Абанк аԥара-кредиттә политиказ ақәҵара аднакылеит

Адокумент Апарламент иадигалеит Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент "2022 шықәсазы Аԥсны Абанк аԥара-кредиттә политиказ" ақәҵара аднакылеит.
Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит 2021 шықәса 25 миллиард мааҭ зыртәаз амилаҭтә ԥарашәаратә системаҿ атранзакциатә еикәыршара азеиԥш шьҭыҵра иаҿырԥшны аҭышәныртәалаҩ хада ахылаԥшратә система аусура шарҭбаауа.
Абанктә хсаалагақәа рхархәарала азиншьаҭа змам аоперациақәа раԥырҟәҟәаара асистема ҵаҵӷәыс иаҭахоит адинамикатә анализ амодуль – агәыҩбара узҭо аоперациақәа раарԥшразы.
Уи адагьы иазԥхьагәаҭоуп абанктә хсаалагақәа АԤРА змоу рзы амобилтә цҵа аԥҵареи аклиентцәа онлаин маҵзурақәа рыҭареи.
Аԥсны
Аԥсны амилаҭтә банк аԥарахсаалага "АԤРА" азы 2022 шықәсазы ацҵа азнархиоит
Бараҭелиа еиҭеиҳәеит Аԥсны Абанк ишаланагало апроект – лакьымсрадатәи ахсаалагақәа рекваиринги, иара убасгьы Аԥсны Абанк ахаҭаратә центр апрограмматә комплекс аиӷьтәразы аусурақәеи мҩаԥгахоит. Уи иалнаршоит лакьысрадатәи аԥарашәаратә технологиақәа рыла ахсаалага АԤРА аҭыжьра.
Анаҩс лакьысрадатәи аԥарашәара алзыршо ахсаалагақәа АԤРАеи АԤРА Worldи Аԥсны анҭыҵгьы ахархәара алшоит.
Абанк даҽа проектк иалнаршо иалагоит ахсаалага АԤРА ала атауарқәеи амаҵзурақәеи аинтернет ала рыхәшәара.
Аԥсны
Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аланарҵәоит
Беслан Бараҭелиа иҳәеит ари аинтернет дәқьанқәа рҿы атауарқәа, амаҵзурақәа рзы аԥарашәара адагьы аҳәынҭмаҵзурақәа рыхәшәара шалыршахо.
Аԥсны Абанк иазԥхьагәанаҭоит ахсаалага АԤРА зку рзы ахсаалага МИР ахь онлаин аԥараиагара алшо аҟаҵара. Асеиԥштәи аоперациақәа мҩаԥгахалоит ашәарҭадаратә протокол 3-d Secure ахархәарала.