Аԥсны

Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысыз аоппозициаа рмитинг ахҳәаа аиҭеит

Ззин ыҟамыз аоппозициаа рмитинг мҩаԥган Аҟәа, ԥхынҷкәын 21 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аҟәа имҩаԥысыз аоппозициаа рмитинг ахҳәаа аҭо иҳәеит, илшо зегь шыҟаиҵо асеиԥш уаҳа иҟамларцаз.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аоппозициа ахаҭарнакцәа идикылеит
"Амитинг азин ҟаҵамызт. Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит асеиԥш еиҭаҟамларцаз. Сара хәшьарак ҟасҵом, иҟаз шыҟаз азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаауеит. Азакәан ҳақәныҟәалоит. Иҟаз аҭагылазаашьахь икылызгоз ауаа амца иалахәмаруан. Аӡәы дҭахар ишԥаҟалоз? Ҳәарада, ауаа азин рымоуп амитингқәа мҩаԥыргаларц, аха иҟоу аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит атәыла ахада аихшьааларатә пресс-конференциаҿ.
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит ззин ыҟамыз аоппозициатә мчрақәа рмитинг, уи аҿагыларатә акциахь ииасит. Амитинг алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит.